БАДРА ГУНБА ПОСЕТИЛ ДЕТСКИЙ САД «АКАРМАЦЫС»
Сухум. 27 марта 2026 г. Абхазия-Информ. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба даҭааит Аҟәатәи ахәыҷбаҳча «Аҟармаҵыс». Ахәыҷбаҳчаҟны ахәыҷқәа рымчала Миха Лакрба иаԥҵамҭақәа ирылхны ақәыргыламҭақәа дырбан.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба 150 ш. ихыҵра инамаданы.
Аԥсны Аҵара аминистрреи Аҟәа ақалақь администрациа аҵара аҟәшеи раԥшьгамҭала ақалақь ашколқәранӡатәи аусҳәарҭақәа рыҟны имҩаԥысуеит иеицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы иновеллақәа ирызку иаарту азыҟаҵарақәа.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иеизҳауа абиԥарақәа рааӡара аус аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа зегьы ишреиҳау. Убри аҟынтә аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ааԥхьара аниоу, иусуратә аамҭа аграфик ԥсахны ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәа дырҭааит.
Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи амилаҭтә культура аиқәырхареи ахәыҷқәа рхатә литература абзиабара дыркреи пус аҟны рлагаламҭазы.
Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынбеи ахәыҷбаҳча аусзуцәеи Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ашколқәранӡатәи аҵараиура иаиҭо азҿлымҳаразы. Иазгәаҭан, аҳәынҭқарра Ахада хаҭала ахәыҷбаҳча иаҭаара ааӡамҭацәа рџьабаа ахә бзианы ашьара ишазҳәоу, аԥхьаҟа рзанааҭтә усура аҟны ргәы азҭазҵо ак акәны ишыҟало.
Последнее от Super User
- АБХАЗИЯ ПРИМЕТ ВТОРОЙ ЭТАП РОССИЙСКО-АБХАЗСКОГО МОЛОДЁЖНОГО ФОРУМА
- ВЛАДИМИР ДЕЛБА ПОСЕТИЛ ОТКРЫТИЕ ВТОРОГО СЕЗОНА ПРОЕКТА «НОВЫЕ МЕДИА АБХАЗИИ».
- КАБИНЕТ МИНИСТРОВ УСИЛИТ КОНТРОЛЬ ЗА ИСПОЛЬЗОВАНИЕМ ПРИБРЕЖНЫХ ЗЕМЕЛЬ
- МИД АБХАЗИИ ПРИВЕТСТВУЕТ ПРОВЕДЕНИЕ ЧЕМПИОНАТА МИРА ПО ДОМИНО В 2027 ГОДУ
- БАДРА ГУНБА: АБХАЗСКАЯ ЖУРНАЛИСТИКА ОПИРАЕТСЯ НА СЛАВНЫЕ ТРАДИЦИИ