АҦСНЫ АРАИОНҚƏА ЗЕГЬ РҞЫНТƏИ АИҲАБЫРАТƏИ АБИҦАРА РХАҬАРНАКЦƏА ААҦХЬАРА РЫДЫРКЫЛЕИТ
Аҟуа. Жьҭаарамза 15. Аҧсны-Информ. Имҩаҧысит Аҧсны араионқəа зегь рҟынтəи аиҳабыратəи абиҧара рхаҭарнакцəа реиҧылара. Уаҟа иалацəажəан иахьа Аҧсны иҟоу ауаажəларра-политикатə ҭагылазаашьа. Иазгəаҭан ишымҩаҧысуа ҳҳəынҭқарра аҟазаара ашəарҭа иҭазыргыло ахҭысқəа. Иӡбан Аҳəынҭқарра аиқəырхаразы азеиҧшмилаҭҭə хеилак аҩныҵҟа ишаҧҵазаауа аиҳабаратə абиҧара ргəаанагарақəа реибыҳəарҭа ахеилак. Ақəгыларақəа рышьҭахь ирыдыркылеит Ааҧхьара.
ААҦХЬАРА
Иахьа Аҧсны ҩаҧхьа аҟазаареи аҟамзаареи иааины ирыбжьагылеит. Иџьоушьаша абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалеит иаҳа ианҕьацашаз, ҳажəлар рыбҕа еиҵыхны аизҳара амҩа иананылашаз аамҭазы. Ҩеижəыхəба шықəса рыҧхьа Жəлар рҵеи ду Владислав Арӡынба дзаҧхьагылаз Аҧсны жəлар рыҧсадгьыл рымхра зҽазызшəаз аҕа хəымга ииаины иааргеит Аиааира, ахьыҧшымра. Аибашьра ашьҭахь иуадаҩыз аамҭақəа рзы ирылшеит уи ахьчара, шьаҿа-шьаҿала Аҧсуа ҳəынҭқарра аҧҵара.
АБХАЗСКИЕ СЕЛЬХОЗТОВАРЫ УДОСТОЕНЫ 12 ЗОЛОТЫХ, 4 СЕРЕБРЯНЫХ И 5 БРОНЗОВЫХ МЕДАЛЕЙ НА ВЫСТАВКЕ «ЗОЛОТАЯ ОСЕНЬ 2018»
Сухум. 15 октября 2018 г. Абхазия-Информ. Абхазская сельхозпродукция удостоена 12 золотых, 4 серебряных и 5 бронзовых медалей на XX юбилейной Российской агропромышленной выставке “Золотая Осень 2018». Выставка проходила с 10 по 13 октября на территории ВДНХ в Москве.
ТОРГОВЫЙ ДОМ "АБХАЗИЯ" СТАЛ РАБОТАТЬ В ФОРМАТЕ ЯРМАРОК
Сухум. 15 октября 2018 г. Абхазия-Информ. «Торговый дом "Абхазия" продолжает работать, но в измененном формате». Об этом сказал корр. «Абхазия-Информ» исполнительный директор Международного культурно-делового центра РА Олег Лакоба, отвечая на вопрос о судьбе торгового дома «Абхазия» в «Фуд Сити»
18 декабря 2017 года на территории крупнейшего в Европе торгового комплекса "Фуд Сити" в Москве был открыт торговый дом "Абхазия".