ВЛАДИМИР ДЕЛБА ПОЗДРАВИЛ АБХАЗСКОЕ ТЕЛЕВИДЕНИЕ С ДНЕМ ОСНОВАНИЯ
Сухум. 6 ноября 2025 г. Абхазия-Информ. Аҧсны аҧыза-министр Владимир Делба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анапхгареи аусзуҩцәеи Ателехәаҧшра амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Акыр иаҧсоу аҩызцәа, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аҧсуа телехәаҧшра аҧҵара амш!
Амилаҭтә телехәаҧшра аҧҵара - ари аҧсуа жәлар асовет аамҭазы имҩаҧыргоз амилаҭхақәиҭратә қәҧара алыҵшәа хадақәа ируакыуп. Убри аахыс ззанааҭ ҟазара ҳаракыу ажурналистцәа биҧарала еимдо иааргоит ҳтәыла азы хадара злоу аус - ихьыҧшым адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара, амилаҭтә телехәаҧшра аизырҳара.
Иахьа Аҧсуа телехәаҧшраҿы аус руеит имаҷымкәан аҟыбаҩ злоу аҿар. Урҭ иаҧырҵоит аинтерес зҵоу апроект ҿыцқәа. Ҳауаажәлар есыҽны иазыҧшуп шәара шәҟынтәи иҵабыргу, ихаҭәаау, ганрацәала иҭҵаау аинформациа. Шәара шәзаанаҭтә уалҧшьа ламысцқьала инашәыгӡоит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рыхьӡала ҭабуп расҳәоит арҿиаратә еилазаара, анџьныр-техникатә маҵзура аусзуҩцәа, ишәзеиӷьысшьоит аихьӡара ҿыцқәа.
Последнее от Super User
- ТИМУР АГРБА ВСТРЕТИЛСЯ С ПОСЛОМ РОССИИ В АБХАЗИИ
- БОЛЕЕ 8 МЛН ЧЕЛОВЕК ПЕРЕСЕКЛИ ГРАНИЦУ РОССИИ И АБХАЗИИ ЗА ДЕВЯТЬ МЕСЯЦЕВ
- ПОСТРАДАВШИЙ В ГОРАХ МУЖЧИНА ЭВАКУИРОВАН В МЕДУЧРЕЖДЕНИЕ СУХУМА
- ОБЪЯВЛЯЕТСЯ НАБОР ЗАЯВОК НА УЧАСТИЕ В КОНКУРСЕ «СИЛА СЕЛА – ГОРДОСТЬ АБХАЗИИ»
- СОВМЕСТНЫЙ КОНЦЕРТ ГОСУДАРСТВЕННОЙ ХОРОВОЙ КАПЕЛЛЫ АБХАЗИИ И КАМЕРНОГО ХОРА МОСКОВСКОЙ КОНСЕРВАТОРИИ